Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниаԥҳа: аԥсы ихәо, имыхәо ажәлар ирызнагатәуп, ихырҵәагои иаҭахыҵәҟьои еиҩыгатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЦира Габния
Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсрақәеи урҭ ирыдҳәалоу атрадициақәеи рзы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас,  Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниаԥҳа амилаҭтә традициақәа рҽеиҭакра иазкны

"Ари азҵаара аганахьала џьырхәаа ҿарԥшыгоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Ақыҭан иаалаган ирыӡбеит, ачгьахьа ҳәа иԥхьаӡоу ада, уаҳа инахырԥан акы аҟаҵара аҭаацәарақәа азин рымам ҳәа. Иалырхит агәыԥ зажәа ԥхылдоу, уи ахылаԥшра арҭаларцаз. Ари азҵаара аӡбараҿы аҳәынҭқарра иалшогьы маҷым. Арионқәа рҿы азин ыҟоуп аҭыԥантәи ақәҵарала рыдкылара. Сергеи Багаԥшь ихаан иҟан аусқәа акахьы икалсыртә еиԥш атәы зҳәоз, аха нас уа иаанхеит. Аԥсы ихәо имыхәо ажәлар ирызнагатәуп, ихырҵәагои иаҭахыҵәҟьои еиҩыгатәуп. Иахьа ицәырҵыз аҽырбара, хырччагахеит, ус иҟамлароуп", - ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0