Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷаниа: аԥсуараҟны аԥсадгьыл ахьчара иреиҳау аҭыԥ ааннакылон

© Sputnik / Томас ТхайцукТерентий Чаниа
Терентий Чаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Терент Ҷаниа Sputnik апресс-центр аҟны Аԥсуара далацәажәо иазгәеиҭеит уи аҟны арратә ус, аԥсадгьыл ахьчара аҵак ҷыда шааннакылоз.
Ҷаниа: аԥсуараҟны аԥсадгьыл ахьчара иреиҳау аҭыԥ ааннакылон

"Инал-иԥа иусумҭа "Об абхазском этикете" аҟны зегь раԥхьа иргыланы арратә ус аԥсуара иатәу акы ауп ҳәа иԥхьаӡеит. Анацәа рхәыҷқәа анырааӡо абзиабара аӡбахә акәӡам агараҟны ирҳәо: "Иузҳа, аԥсадгьыл азы уҵеиха, аҳәа шьҭыхны ихьча, ирхынҳә уара иутәу!" - абас ауп ишрабжьыргоз, аԥсуараҟны ари иреиҳу аҭыԥ ааннакылон",-  иҳәеит Ҷаниа.

Апоет убасгьы аԥсуара ахьаарԥшу ҿарԥштәык аҳасабала иааигеит Шьынқәба иажәеинраала "Аԥшалас".
"Аԥсуара унадаххыланы иаҵанакуа узыҳәаӡом, ҩба-хԥа ҿырԥштәы, мамзаргьы жәеинраалақәак рыла. Уи Анцәагьы, ажәларгьы ргәы иалсуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷаниа.

Аинформациатә агентра Sputnik апресс-центр аҟны ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәеи Москвеи рыбжьара авидеоцҳа еиҿкаан. Уи иалахәыз алацәажәон XXI ашәышықәсазы Аԥсуара азы иҟоу ашәарҭара ҿыцқәеи алшарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0