Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Апсихолог Воуԥҳа: ауаҩы иемоционалтә ҭагылазаашаьа хадара злоу ак акәны иҟоуп

© SputnikИлона Воуба
Илона Воуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Избан шьоукы-шьоукы ауаа ргәабзиара рҽазҵәылхны изашьҭоу, даҽа шьоукых уи хырҩа зарҭо, егьырҭ ракәзар - еснагь ичмазаҩушәа рхы зырбоит. Абас еиԥш аҽеиҩшара мзыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит апсихолог Илона Воуԥҳа.
Апсихолог Воуԥҳа: ауаҩы иемоционалтә ҭагылазаашаьа хадара злоу ак акәны иҟоуп

"Иҟоуп убри аҩыза, ауаа ргәзабзиара ашәараҭара иҭагылоушәа агәра зго, аригьы чымазароуп. Урҭ убысҟак рхы наргоит ахьаа рымоушәа аҟынӡа. Ас еиԥш иҟоу ауаа еиҳарак аҳақьымцәа рыгәра ргаӡом, рчымазара аӡәгьы хьаас икымызшәа рыԥхьаӡоит. Ари азҵаара шьҭырххьеит аҳақьымцәа, ас еиԥш иҟоу ачымазаҩцәа рзы иаадыртхьеит иҷыдоу ахәышәтәырҭа, уаҟа аҳақьымцәеи апсихотерапевтцәеи ахәшәқәа рхаҭыԥан ачымазаҩцәа рзы имҩаԥыргоит ацәажәарақәа, абжьгарақәа. Аха иҟоуп мыцхәы згәабзиара иацклаԥшуа ауаа, уи зҽазҵәылхны иашьҭоу. Ас еиԥш иҟоу ауаа ргәабзиара ахьчара иашьҭоуп, аха убранӡа рхы наргоит ргәабзиара еиҳагьы ааха арҭоит. Бжьаратәла, ауаҩы игәабзиара дамаргәамҵуазар, шықәсык ахь знык аҳақьымцәа рахь днеины ихы гәаиҭалароуп. Ауаҩы иемоционалтә ҭагылазаашьа хадара злоу ак акәны иҟоуп", - ҳәа азгәалҭеит апсихолог Воуԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0