Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳалуашь Афганистан иҭахаз иҩыза абаза ҷкәын изкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьон Ҳалуашь
Џьон Ҳалуашь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афгантәи аибашьра аветеран Џьон Ҳалуашь Sputnik апресс-центр аҟны еиҭеиҳәеит рырхәҭа Афганистан алгара уамак шагмыз иҩыза абаза ҷкәын дышҭахаз, уи иԥсыбаҩ аҩныҟа ианрышьҭуаз ацара дзақәшаҳаҭымхаз.
Ҳалуашь Афганистан иҭахаз иҩыза абаза ҷкәын изкны

Жәабран 15, 1989 шықәсазы ихыркәшан Афганистан асовет аруаа ралгара. Урҭ рахьтә зықьҩыла жәа–шықәса инарзынаԥшуа ицоз аиҿагылараан иҭахеит. Аԥснынтәи Афганистан аррамаҵзура зхызгоз 300-ҩык иреиҳауп, 13-ҩык рыԥсы ҭаны аҩныҟа изыхнымҳәит.

"Жәабран 1 азы акәын, архәҭақәа ралгара иаҿын. Ҳара усҟан 14-тәи аҳәаахьчарҭа иаҵанакуаз Баграм ақалақь аҟны ҳгылан. Аршьаҟауаа реибашьыгатә машьына ныҟәызцоз ҳҩыза абаза ҷкәын хыхь алиук дшақәтәаз, аминаршәгақәа рыла ианхыс, ӷәӷәала дырхәит, дҳацәҭахеит. Арра хымзҟа-ԥшьымзҟа ракәын ихигахьаз, ноиабр азы ауп иара ианиԥхьа. Иԥсахәага ҭан иара, аха агоспиталь аҟынӡа дҳазнамгеит. Аҩныҟа данаарышьҭуаз, акәыба уацны уца рҳәеит, аха иҭаацәа рҟны анеира сцәыуадаҩын. Усҟан акәыба хуртыр ҟаломызт, ацинк иҭаҵаны, асолдаҭцәа ацҵаны иаарышьҭуан. Аԥсыбаҩ аннаргоз, ани аби ихдыртлоит ҳәа иалагон... Ауадаҩрақәа рацәаны иаҵан. Шәазхәыц, иҩны днаргоит уҩыза ҷкәын, иани иаби ихшәыртлар ҟалом акәыба ҳәа злароуҳәоз... Усҟан аамҭақәа ус иҟан - арратә трибунал уарҭон", - иҳәеит Ҳалуашь.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Apsny.

Ажәабжьқәа зегьы
0