Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Палаванӡиа Афганистан аибашьра иазкны: ицәгьоуп уҭаацәа хара ианыҟоу еибашьра

© Sputnik / Бадрак АвидзбаОтар Палавандзия
Отар Палавандзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афганистан аибашьра аветеран Оҭар Палаванӡиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Афганистан дшақәшәаз, асоветтә архәҭакәа ралгара атәы ажәабжь шиаҳаз, нас уи шидикылаз. 
Палаванӡиа Афганистан аибашьра иазкны: ицәгьоуп уҭаацәа хара ианыҟоу еибашьра

"Аԥхьа Ҟазахсҭан ҳақәшәеит, ҳара 12-ҩык аԥсуаа ҳаицын, акурсқәа ҳанырхыс иаразнак Афганистанҟа ҳаргеит, уи 1980 шықәса рзоуп ианыҟалаз. Мурман Бганбеи сареи раԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳаицын, ҳаҩџьыгьы ҳаицырхәит, иара ишьапы рхәит, сара сыбӷа ахы аахеит. Афганистан Асоветтә ар ралгара ажәабжь даара ҳаигәырӷьеит, ирацәаҩуп ҳашьцәа уа иҭахаз. Имариамызт уи аибашьра, аҩны уаныҟоу даҽакуп, уани, уаби, уашьцәеи уааигәа ианыҟам ицәгьоуп ",  - ҳәа азгәеиҭеит Палаванӡиа.   

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0