Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа: Таиф Аџьба ипоезиа иснарҵо рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРежиссер Мадина Аргун на пресс-конференции в Sputnik Абхазия
Режиссер Мадина Аргун на пресс-конференции в Sputnik Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба имшынҵала ақәыргыламҭа аус адуларазы аматериал хшыҩла-гәыла уазнеироуп ҳәа азгәалҭеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны.
Аргәынԥҳа: Таиф Аџьба ипоезиа иснарҵо рацәоуп

"Аспектакль уаназхәыцуаз хымԥада, аматериал хшыҩла-гәыла уазнеироуп, уадҵаалароуп, ари амшынҵа иану амацара аҟны узаангылаӡом. Таиф имшынҵаҿы Еҭери Коӷониаԥҳа диқәшәеит, аха уаҟа уи ахҭыс имаҷны иаарԥшуп, сара режиссиорк иаҳасабала иаҳа хараны сцеит лхаҿсахьа аарԥшраҿы. Аблокада ианҭаку ауаа рхымҩаԥгашьа, ауаа реизыҟазаашьа - ари ичыдоу ҭагылазаашьоуп, убри изласылшоз ала, ауаа срацәажәо, аматериалқәа срыԥхьо, сара сверсиа аԥхьаҩ ибаратәы ихәыцуп. Актиорцәеи сареи ԥынгылак ҳамам уи аганахьала, дыҟам аԥсыуак аибашьра иазымхәыцуа, убри аҟнытә аҽазыҟаҵарақәа маншәалан имҩасуеит. Таиф Аџьба сара сыҩныҵҟатәи адунеи аҿы иааникылоит иалкаау аҭыԥ,  ипоезиа иснарҵо рацәоуп", - ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.       

Таиф Аџьба диижьҭеи 80-шықәса аҵразы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр  имшынҵала иқәнаргылоит аспектакль. Уи аԥхьарбара азгәаҭоуп апоет иира амш аҽны, хәажәкыра 11 рзы.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0