Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа: 10 нызықь гектар рҟынӡа араса ахәшә рықәҭатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалиа
Амиран Какалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Москва имҩаԥысуаз аиԥыларақәа рҿы излацәажәаз азҵаарақәа, анаҩс араса ахәшәтәразы ргәы иҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Какалиа араса ахәшәтәра иазкны

"Москва ҳаҟан ҩынтә, Аԥсны аԥыза-министри сареи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви ҳаилацәажәеит . Уажәы Краснодарҭәи атәылаҿацә аминистр арахь даараны дыҟоуп, аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩраны ҳаҟоуп ақьаадқәа реиқәыршәара ҳаҿуп.  Ҳаипыларақәа зегьы рҿы иҷыдоу зҵаараны ҳазлацәажәо акәны иҟоуп амармалташьтә пты азҵаара, уи иаҿагылан ақәԥара, аԥыхра. Ҳара ҳгәы иҵхоз азҵаараны иҟан араса аԥхасҭа азҭоны ицәырҵыз ачымазара. Анхацәа ҳрыцхраарц ҳгәы  иҭоуп. Ахәшәқәа ҳарзыԥшуп, арасақәа рыхәшәтәра аҳәынҭқарра ахахьы иагоит. Аԥсныҟа иааираны иҟоуп иҷыдоу аспециалистцәагьы, ақыҭақәа ҳралаланы аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы. Араса хҵәатәуп, еилыхтәуп, уи ҟазҵаша ауаа ҳадгылароуп. 10 нызықь гектар рҟынӡа арасаҭрақәа ахәшә рықәҭатәуп, ари азҿлымҳара зҭатәу зҵаароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

Ажәабжьқәа зегьы
0