Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" раԥхьатәи Аԥсны анҭыҵ ақәгыларазы: ахәаԥшцәа ҵәыуон

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар рартистка Циала Чкадуаԥҳа
Аԥсны Жәлар рартистка Циала Чкадуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Циала Чкадуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҟны илҳәеит ансамбль 25-шықәса ахыҵразы имҩаԥырго аконцерт иалахәхо, иара убас илгәалалыршәеит Аԥсны анҭыҵ ансамбль раԥхьатәи ақәгылара.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Чкадуаԥҳа ансамбль "Абаза" иазкны

"Ансамбль раԥхьатәи акәашаҩцәа хәыҷқәа даҽакала иҟан, ртемперамент, рхымҩаԥгашьа иаҳа аԥсуара иазааигәан, иҟарҵоз ахәыҷы гәык-ԥсыкала инарыгӡон. Дара алахәхараны иҟоуп ҳаиубилеитә концерт. Раԥхьатәи ҳакәашаҩцәа рыбжьара иҟоуп Аԥсны ирдыруа ауаа, дара рыла иааҳартуеит ҳконцерт. Усҟантәи ргәыҳаҵҳаҵра иахьагьы иахьрымоу сеигәырӷьоит", - лҳәеит Чкадуаԥҳа.

Лара илгәалалыршәеит 1996 шықәсазы "Абаза" Аԥсны анҭыҵ имҩаԥнагаз раԥхьатәи аконцерт, шаҟа иуадаҩыз усҟан лареи ахореографцәа Алықьса  Аршбеи Леонид Какачиеи ахәыҷқәа рыманы Раменск ақалақь ахь рцара.

Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза" 25 шықәса ахыҵит. Уи аҳаҭыр азы ахәаша, жәабран 22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны асааҭ 16 рзы имҩаԥгахоит аконцерт.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0