Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа: аԥсуааи адыга жәлари иҳабжьоу адоуҳатә еизааигәара ҽазнык иаҳнырит

© SputnikЕльвира Арсалиа
Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны. Аҭоурых, акультура, иахьатәи амш" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа ду аусура иалагеит Маиҟәаԥ ақалақь аҿы. Раԥхьаӡакәны иӡыргоу ари апроект ду амҩаԥысшьеи аҷыдарақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Арсалиаԥҳа: аԥсуааи адыга жәлари иҳабжьоу адоуҳатә еизааигәара ҽазнык иаҳнырит

"Амузеи ахыбраҿы иааидкыланы мышкы иалагӡаны хәба-фба хҭыс мҩаԥысуеит. Амузеи иаҭааз ауаа даара ирацәоуп, дара ирбар рылшон аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла 80 шықәса ахыҵра иазкыз ацәыргақәҵа ду, Аҟәа архитектура иазкны афотоцәыргақәҵа. Имҩаԥысит архитекторцәа, амузеитә усзуҩцәа злахәыз даара аинтерес зҵаз астол гьежь. Уаҟа иалацәажәеит адунеи аспециалистцәа зегьы еидызкыло аҭынха ахьчара атема. Ацәыргақәҵа цонаҵы, ауаа ирбар рылшон амультимедиатә центр аҿы аԥсуа фильмқәа, аԥсуа ҭоурых атәы зҳәо асахьаркыратәи адокументалтәи фильмқәа. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа даара ибзиан ирыдыркылоит апроект. Акәашаратә ансамбль "Нальмес" аконцерт аҿы иаабеит аԥсуа кәашара, уи даара ҳгәы иахәеит. Ахореографиа, акостиум аганахьала еилкааны, иҭҵааны иқәдыргылеит ҳакәашара, убри афакт мацара иунарбоит адоуҳатә еизааигәара шҳабжьоу", -  ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0