Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: ауаҩы иҵара анаҩс аус ахьиуша дазхәыцуазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны усурҭа ҭыԥла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҭызҵаауаз Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба иазгәеиҭеит ззанааҭ алзымхыц, илакҩакуа аҿар ҳтәылазы иаҳа ихәарҭоу ҳасаб азырур иарманшәалоит ҳәа.
Аҩӡба: аҵара анаҩс аус ахьиуа дазхәыцуазароуп ауаҩы

"Аԥсны акымкәа адипломқәа змоу иахьа аус руртә еиԥш аҭагылазаашьа рымам. Иҟоуп ззанааҭ ааныжьны даҽаџьара усура зҭахым. Урҭ руаӡәк, 13 шықәса раԥхьа аграфикатә дизаин азанааҭ ала ауниверситет иалгаз, ҳаицәажәараан иҳәеит Аԥсны аус иуртә аҭагылазаашьа шманшәалам, аха убри аан аԥара арҳаразы игәы иақәшәо аус каижьыр шиҭахым. Ус иҟоугьы ыҟоуп. Иҳәеит Аԥсны аусура изымԥшаар анҭыҵҟа дцарц игәы ишҭоу.

Иҟоуп убасгьы азанааҭ алхраан илакҩакуа ауаа. Ус еиԥш иҟоу Аԥсны иаҳа иахәо алырхыр еиӷьзар ҟалап. Иаҳҳәап, аиурист, аекономист  изанааҭ змоу рацәаҩуп. Аҵара ануҵалак ашьҭахь аус ахьууша уазхәыцроуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0