Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ашәарыцаҩцәа ирзымшьыз аԥсаатә аԥсы шеиқәхаз атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа
Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа арадио аефир аҿы еиҭалҳәеит илзымдыруаз, раԥхьаӡа акәны илбахьаз аԥсаатә аԥсы шеиқәлырхаз.
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ашәарыцаҩцәа ирзымшьыз аԥсаатә аԥсы шеиқәхаз атәы

"Сҭаацәа ԥсрак аҟнытә ишаауаз, рымҩа еихнаҵәеит ҵыск, иара амашьына иаҵаҳартә еиԥш ԥсык ауп иагыз, ишәаны абнара илалеит. Саб ицыз арԥыси иареи аԥсаатә рыцҳашьаны амаӷра иларгеит. Амала ирбац ԥсаатәк еиԥшымызт, акәата қьышә аман, аха иагькәатамызт. Иара ахы ахьчоит ҳәа иаҿын, ицҳауан, абна ианыларга ашьҭахь игәарҭеит азшьапык шхәыз. Ашәарыцаҩцәа еихсит, аха ирзымшьит ҳәа ргәы иаанагеит.  Аҵыс рхәышәтәырцаз аҩныҟа иааргеит, ашьапы иахәҭаз ахәшәқәа аҿаҭәаны аҩнатә ԥсаатәқәа ирылаҳартәеит. Иаргьы акыршықәса ҳаҩнаҭаҿы инхозшәа, аԥшәмара аанкыланы инеины афазанқәа рыҭраҟны итәеит. Сара адырра исҭеит Аԥсны аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар, иара изынасышьҭыз афотосахьақәа, урҭ рыла еиликааит аԥсаатә "поганка" ҳәа изышьҭоу шаку. Иара амшын иху ԥсаатәуп, изыԥыруам, аԥсыӡ фатәыс иамоуп ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит. Адырҩаҽны еиқәҳархаз аԥсаатә аџьырмыкьаҿы аԥсыӡ азаахәан акраҿаҳҵеит, анаҩс амшын ихаҳҵеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарацхьиаԥҳа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0