Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа "Аҿар рыбжьы" азы: аестрадаҟны зхы ԥызшәар зҭаху рзы илшара дууп

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кәарҷиа
Нури Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аестрада ашәа анагӡаҩцәа ҿарацәа рзы имҩаԥгахо аицлабра ахықәкы, иалахәхо, ԥҟарас иамоу, иара убас уадаҩрас иҟоу ртәы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәарҷиа аицлабра "Аҿар рыбжьы" иазкны

"Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп сынтәа 18 шықәса шҵуа аестрадатә ашәа анагӡаҩацәа реицлабра мҩаԥаагоижьҭеи. Иара хықәкыс иамоу, жәлар рашәа анаҩс, аҿар аестрада ашәақәа рынагӡараҟны зхы ԥызшәарц зҭаху уи азы аҭагылазаашьа рыҭароуп. Анагӡаҩцәа рнаҩс, акомпозиторцәагьы рхы ԥыршәарц алшара рымоуп. Аицлабра алахәразы 50–ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵахьеит. Урҭ зегьы мышкала иҳазцәыргом, убри аҟынтә заанаҵы игәаҳҭоит ирылшо ирылымшо, рышықәс инақәыршәаны ԥшьгәыԥкны иаҳшеит. Арзаҳал алазҵахьоу рҟынтәи иреиҵбу фышықәса рхыҵуеит, иреиҳабу - ҩажәа шықәса. Ҳаԥҟара инақәыршәаны, дарбанзаалакгьы анагӡаҩ ашәак аԥсышәала инаигӡароуп", - иҳәеит Кәарҷиа.

Убри аан иара иазгәеиҭеит ашәа ҿыцқәа аицлабрахь рнагаразы ауадаҩрақәа шыҟоу.

Аестрада ашәа анагӡаҩцәа ХVIII рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысуеит хәажәкыра 21-22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны, асааҭ 18 рзы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0