Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа аибашьратә фотоцәыргақәҵа иазкны: знык избаз ахаан ихашҭуам

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кәарҷиа
Нури Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иӡыргоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра акорреспондентцәа хҩык аибашьраан иҟарҵаз рҭыхымҭақәа. Урҭ реизгара алыршахеит асахьаҭыхыҩ Лиана Ачԥҳа лыбзоурала ҳәа азгәеиҭеит Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Кәарҷиа аибашьратә фотоцәыргақәҵа иазкны: ауаҩы знык иибаз ахааныз ихашҭуам

"Арҭ ахҩык акорреспондентцәа ирылшеит аҭоурых аиқәырхара, уи уаҵәтәи абиԥара ироурц азы. Ауаҩы шәынтә изеиҭауҳәалар ҟалоит, аха знык иибаз ахаангьы ихашҭрым. Ирацәан арыцҳара, аха уи иаиааины рыԥсадгьыл рыхьчеит ҳаибашьцәа, уи ахақәиҭра азааргеит. Ацәыргақәҵа иаҳәо рацәоуп, сгәы иаанагоит, ари збаз аҿар азхәыцып ҳәа, иаҳа гәыблыла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызнеип ҳәа, зыԥсы ҭоу афырхацәа даҽакала ирыхәаԥшып ҳәа, ацәыргақәҵа ианаҭаалак ашьҭахь", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.  

Ацәыргақәҵа еиқәыршәан ажурналистцәа Анатоли Шьониа, Рамин Қаџьаиа, Григори Ҵәыџьба рҭыхымҭақәа рыла. Иара аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит  хәажәкыра 20 рҟынӡа, Аҟәа ацәыргақәҵатә зал "Нур" аҟны.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0