Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: ачынуаҩ закәанда ирҳаз аԥара изааигәоу рҿы иҵәахыртә еиԥш алшара имамзароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡбаҩцәа рмазара арзара - избан ари азҵаара ҵарны изықәгылоу, иалшозеи уи азакәан аус ауа иҟалар? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа.
Габниа: ачынуаҩ закәанда ирҳаз аԥара изааигәоу рҿы иҵәахыртә еиԥш алшара имамзароуп

"Сынтәа ҳара иҳауеит азакәан аҳәынҭқарратә усзуҩы изку, уи алагалақәа ацҵахоит, убасҟан еилкаахоит абри дчынуаҩуп, убри арбага хаирҭәаароуп. Сара сгәы иаанагоит, арбагақәа рҿы ианырҵароуп егьырҭ ирзааигәоу ауаа рмазара атәгьы ҳәа. Уахь иаҵанакуеит ачынуаҩ ихәыҷқәа еиҳабацәа, иаҳәшьцәа, иашьцәа. Убри ала азакәан харҭәаатәуп. Избанзар еснагь иҟалалоит алашара ачынуаҩ закәанда ирҳаз амал иааигәа иҟоу иахь иҵәахыртә еиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0