Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лашәриа Иура Ԥкьын изы: илирика амц аздыруамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукМушьни Лашәриа
Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
73 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит апоет, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Ашәҟыҩҩцәа рассоциациа алахәыла Иура Ԥкьын. Зыԥхареи заԥсшәеи ҳадыз ауаҩы ицара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы гәалас ишьҭаҳхит иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Лашәриа Иури Ԥкьын изы: илирика амц аздыруамызт

"Даара ҳгәы иалсышаз ажәабжь ааҩит. Иури Ԥкьын дшычмазаҩыз аадыруан, уи макьана қәра ӷәӷәа имамызт, ҳгәыӷуан, ишьапы дықәгылап ҳәа. Иара имариамыз амҩа данысит, данқәыԥшыз инаркны аҵара аус шьҭикааит, агәырҵҟәыл бзиа змаз уаҩын, абаҩхатәра ҵабырг заҭәашьаз апоетцәа дреиуан. Иара ҟазшьала дуаҩнаалан, аҿар ргәы дақәшәон. Апоезиахь иара ихьшәаны дааит. Иура илирика, ипоезиа амц аздырӡом. Абысҟак зыԥхара ҳадыз, заԥсшәа ҳадыз ауаҩԥсы ицара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы гәалас ишьҭаҳхит. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыбжьара иара иҩымҭақәа ҳкьыԥхьтә органқәа рҿы иахьанымыз ыҟамызт, иара икылыршәшәааны аус рыдиулон иаԥҵамҭақәа, ицәаҳәақәа игәы-иԥсы аҿы иҟан", - иҳәеит Лашәриа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0