Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵара шуҵо аусурҭа уԥшаар ахьулшо азанааҭқәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳтәылаҟны усурҭа ҭыԥла аиқәыршәара азҵаара ҭызҵаауаз ажурналист Бадраҟ Аҩӡба еиҭеиҳәеит занааҭқәак рыла аҵара зҵо, рҵара хдыркәшаанӡа аусурҭақәа рыԥшаауеит ҳәа.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҵара шуҵо Аԥсны аусурҭа уԥшаар ахьулшо азанааҭқәа ртәы

"Акыр шықәса раԥхьа еиԥш ҳаамҭазгьы аԥыжәара рырҭоит аиуристи аекономисти рзанааҭқәа. Аха иҳаҩсыз ашықәсқәа ирҿырԥшны иугозар аргылаҩ, анџьныр, асантехник реиԥш иҟоу азанааҭқәа рахь ихьаԥшызгьы аҿар рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳахоит. Аиуриспруденциа, аекономика иара убас жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа алзхуа аусурҭа аԥшаара иаҳа акыр ирцәыцәгьоуп. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны атехникатә занааҭқәа рыла аҵара зҵо астудентцәа, иаагозар афымцалашара иадҳәалоу, рҵара хдыркәшаанӡа, ахԥатәи акурс инаркны реиҳараҩык аусурҭа ҭыԥқәа рыла еиқәшәоуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0