Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәаӷәаниа еиҭеиҳәеит Аҟәа ишаадыртуа Ашьапылампыл азы европатәи академиа

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Кәаӷәаниа
Лаша Кәаӷәаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыласҩы Лаша Кәаӷәаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ахәыҷкәа рзы Аҟәа Ашьапылампыл азы европатәи академиа аадыртыр шырҭаху.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәаӷәаниа Ашьапылампыл азы европатәи академиа иазкны

"Гиви Ҭодуеи сареи ашьапылымпылтә академиа шааҳартуа иахьа азыаӡыргара мҩаԥаҳгеит. Европатәи ҳәа ахьӡ заҳҭаз, Англиа, Голландиа акомандақәа рҟны рхы иадырхәо аметодикақәа рыла ахәыҷқәа азыҟаҳҵалар ҳҭахуп. Иахьазы ахәыҷқәа аназыҟарҵо агәыԥ ҩажәа-ҩажәижәаҩык аларҵоит, убри иашам ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар аҽазыҟаҵаразы аамҭа маҷуп, сааҭк еиҳахар, иааԥсоит. Ҳара иаҳҭахуп агәыԥ аҟны жәаҩаҩык иреиҳамхарц. 6-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ааҳаԥхьоит, ҳарзыԥшуп. Ашьапылампыл ашҭаҟны имҩаԥгатәу аус сара инасыгӡалоит, ашьапылампыл иазкны аметодика, аимадара аус Гиви Ҭодуа (Британиа ду инхо аԥсуа шьапылампыл асҩы,  ConIFA аӡбаҩцәа иреиуоу - аред.) дсыцхраалоит. Иара дзылгаз ашьапылампылтә школқәа рҟны аус зуа азыҟаҵаҩцәеи ҳареи аимадара ҳабжьоуп. Иахьазы Аԥсны ашьапылампыл ишақәнагоу еиԥш иҟам, сгәанаагарала, убри аҟынтәи аиҳабацәа, убасгьы ашьапылампыл згәы азыбылуа ҳразҵааны, ахәыҷқәа аус рыдулара ҳалагар ауп ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Кәаӷәаниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0