"Хықәкыла усқәак мҩаԥаҳгоит ҳҳәаргьы ииашахом. Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысит аизара, ари азҵаарала, уи иалахәын аҩнусбарҭақәа рхадацәа. Иара идҵала амаинингқәа ззықәгылоу ӡәыр даҳдыруазар, информациак раҳҭарц. Аха уи ашьақәыргылара цәгьоуп, избанзар, ажәлар ааины анхацәа ани имоуп ари имоуп ҳәа аӡәгьы дашшауам, аинформациагьы ҳаиҭом. Дара рыԥшаара ус имариам, уахьнеиша узымдыруазар, шьаҭанкыла зегь аимдара уигьы цәгьоуп. Иҳаҳауазаргьы уи уҳәансҳәанлоуп. Ҳара ҳнеиргьы иҳамаӡам азин уи аҿыхра, харак идҵара. Иаартны иаҳҳәозар, ацьгьа ҳҳәароуп - убриоуп ҳара ҳзызку. Ҳара ҳусбарҭа урҭ аусқәа ирызкым, иаартны усҳәоит, хықәкыла акы ҳаҿуп ҳәа шәасҳәар, мцуп", - ҳәа иҳәеит Қапба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Беслан Ешба идҵа амининг машьынақәа ахьықәгылоу аилкааразы аусура анагӡара ҳаҿуп. Ахыбқәа, аҩнаҵаҟақәа уҳәа ацәаҳәақәа ахьнагоу еилкаатәуп, зегьынџьара ҳаимдо ҳабжьоуп. Аҩны аҩналара азин ҳамаӡам, аха ахыбқәеи аҩнаҵаҟақәеи еимаҳдоит, иахьыҟоугьы ҳбахьеит. Ауааԥсырагьы ҳрацәажәахьеит, еилызкаауа дыҟоуп, еилызымкаауа дубап. Еилызкаауа иаразнак иаҿырхуеит. Нас ҳусзуҩцәа цан игәарҭоит, иахылаԥшуеит. Иалкаахаз аҭыԥқәа ақалақь ахадеи аҩнуҵҟатәи аусбарҭақәеи рҟынӡа инаҳгоит, анаҩс дара русура нарыгӡоит. Аҩнеихагылақәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ыҟам, избанзар ара аиԥырҟьагақәа, арубильникқәа ҳәа изышьҭоу амоуп. Зегьы анаҿауклак, иара былуеит, уи џьарак акәым, ҩыџьарагьы акәым. Дара ауааԥсыра рхаҭагьы роуп лашарада иаанхо. Ҳара ҳцәаҳәақәа ирылшаӡом ас еиԥш ақәыӷәӷәара. Ауаа арԥхагақәа аҿаркуеит, адашьмақәа, аӡыршы, ирылшаӡом иара зегьы ацәаҳәақәа, ибылуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кәарҷиа амаинингқәа рызҵааразы: аиҳабыра алахәзар ҟалоит, уи ауп ҳзазымаиааиуагьы
Ҳанагәуа: афермақәа аҿыхуп, аха рыуа-рҭахы рахь ишаны аҩнқәа рҿы иахьдыргылаз ыҟоуп
Бараҭелиа: "сгәыла амаининг изықәгылоуп" ҳәа аӡәгьы иҳәараны дыҟам
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсуа ҳазалхыҩцәа амаининг хархәагақәа быжьба аҳәаа рахыгара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
"Ажьырныҳәа 19 2021 шықәсазы аҳазалхратә хылаԥшра азонаҿы аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" амаҵзурауаҩ иааникылеит автотранспорттә хархәага, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз. Автомашьына агәаҭараан аидараҭраҿы иԥшаан Аԥсны залагалара азин ыҟам амаининг хархәагақәа быжь-цырак", - ҳәа аҳәоит Аԥсны АЕ адырраҭараҿы.
Абри административтә зинеилагара аганахьала аус нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Блабба амаининг фермақәа рырцәаразы: азакәан амч амоуӡеит
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом