Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа агеоинформациатә системазы: ҳбаҟақәа рыхьчаразы акраҵанакуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕльвира Арсалиаԥҳа
Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит агеоинформациатә система лшарақәас иаанартуа.
Арсалиаԥҳа агеоинформациатә системазы: ҳбаҟақәа рыхьчаразы акраҵанакуеит

Ашықәс нҵәаанӡа Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны аус адырураны иҟоуп аҭоурых-культуратә обиектқәа ирыдҳәалоу агеоинформациатә система. Уи дарбанзаалак алшара инаҭоит акультуратә баҟақәеи урҭ рҭоурыхи ртәы адырра.

"Уажәшьҭа ԥшьышықәса ҵуеит акультура аминистрра апрограмма аус аднаулоижьҭеи Баҭал Самсон-иԥа инапхгарала (Баҭал Кобахьиа – Акультуреи атоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аминистр лхаҭыԥуаҩ - аред.). Абри ашықәс анҵәамҭазы иҟалоит агеоинформациатә система. Аԥсны иҟоу абаҟақәа зегьы рҭоурых, ртехникатә ҭагылазаашьа, ирыдҳәалоу аинформациа абаразы алшара ҟалоит. Уи зыԥсы ҭоу системахоит уҳәар алшоит, избанзар аинформациа харҭәаалахоит. Ҳара ҳҳәынҭқарраҟны атуризм аҿиара аекономика алагала анаҭоит, абаҟақәа рахь ауаа ҳгоит, аха аҳәынҭқарра азхьаԥшруп урҭ абаҟақәа рыцхраара. Ус анакәымха шықәсқәак, жәашықәса рнаҩс ауаа ахьнаҳго ҳмауа ҳҟалоит", -лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, уи асистема зегьы рхы иадырхәартә, ирбартә алшара ҟалоит, абаҟақәа рыхьчаразы даара акрызҵазкуа ауп.

Агеоинформациатә система апрограмма иҭагӡаны 150 инарыцны аобиектқәа рыԥгаԥсатә хәԥса ҭҵаан.

"Уи зыҟаҵаз, иаҳҳәап, иахьа ауаҩы аҭоурыхтә аобиект ишахәҭам дазныҟәар, иқәшәо ахараԥса маҷуп. Убри аҟынтә иара ахә аԥгаԥса аганахьала еилкааны ишьақәырӷәӷәазар, иара иқәшәо ахараԥса еиҳахоит, ҳәарада, уи дааннакылоит, дацәшәоит. Ҿырԥштәыс иаазгоит аобиектк, уи ахә 150 нызқь ҳәа ахәшьара аҭан. Аԥгаԥса аганахьала ахә 100 миллион мааҭ инацны ианырит. Араҟа иазгәарҭоит аобиект шаҟа ахыҵуа, аҭоурыхтә ҵакы, асахьаркыратә ҩаӡара, иахьазы иахьынӡеиқәырхоу. Абарҭқәа зегьы аус адырулоит ҳдепартамент аусзуҩцәа, москватәи аҟазацәа", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Apsny аефир.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0