Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа еиҭеиҳәеит акамшьиа иахҭныҵыз аԥара абиуџьет шаҟа алагалахо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалиа
Амиран Какалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа акамшьиа акра инамаданы абиуџьет шаҟа алагалахо, уи аԥсыӡ хкы аус адызуло ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Какалиа акамшьиа абиуџьет шаҟа аланагало атәы

"Акамшьиа аамҭазы Аԥсны еиуеиԥшым азауадқәеи аилахәрақәеи иркыз 66 нызқьи 301 тонна артәеит. Азакәанқәа, аԥҟаԥҵәақәа инарықәыршәаны, аԥсабаратә ресурс ахархәаразы иаларгалаша иартәоит 123 миллиони 221 нызқь мааҭ. Уи аҟынтәи 79 миллион мааҭ инацны иаларгалахьеит, ҳазҭоу амза нҵәаанӡа даҽа 44 миллион мааҭ алагалахап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аԥсабаратә ресурс ахархәара ақыҭанхамҩа аминистрра хылаԥшра анаҭоит.

Иркыз аԥсыӡ хкы акамшьиа иалхны ашыла ҟарҵоит. Уи аҟынтәигьы ашәахтә абиуџьет иаларгалоит", - иҳәеит Какалиа.

Аминистр иазгәеиҭеит аԥсыӡкра знапы алаку аилахәрақәа аԥынгылақәа шрымоу раалыҵ аҭиразы.

"Аԥсыӡ ашша мамзаргьы ашыла ҳәа ззаҳҳәо аиҳараӡак аҭиразы Ҭырқәтәылаҟа иргоит. Уи аԥсуаа иаадрыхыз атауар ҳәа ирызнагаӡом, убасгьы уаҟа ироуа аԥара абанктә системала арахь ирзиагаӡом", - азгәеиҭеит Какалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0