Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аблоҭиа: "амультфильмқәа аԥсшәахь еиҭашәымгаӡои?" ҳәа еснагь ауаа сазҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа
Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы идикылаз ақәҵара ахҳәаа азыҟаиҵеит акинорежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа.
Аблоҭиа: "амультфильмқәа аԥсшәахь еиҭашәымгаӡои?" ҳәа еснагь исазҵаауеит

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәарала адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа рыдкыларазы. Уаҟа иазгәаҭоуп аԥсышәала ицәажәо ахәыҷтәы дырраҭарақәеи, амультфильмқәеи, афильмқәеи, аконцертқәеи зегь реидкылара, анаҩс Аԥсуа телехәаԥшрала дырбаразы.

"Афондқәа реизагаразы аԥыза-министр идҵа иаланахыз атәы сзеилкаауам. Афильмқәеи амультфильмқәеи зегьы дара рнапаҟны иҟоуп. Шықәс дуӡӡак абри аус иаҿызаауеит, анаҩс абар иҟаҳҵаз рҳәартә еиԥш. Уи аҵкыс ирымоу амультфильмқәа тираж рацәала иҟаҵаны, адәқьанқәа рҿы инаргар ауаа иархәарын. Еснагь исазҵаауеит "амультфильмқәа ҟашәымҵаӡои?" ҳәа. Аԥсуа телехәаԥшрала уеизгьы амультфильмқәа, аконцертқәа ахәаԥшцәа иддырбоит, ақәҵара хазы аҟаҵара аҭахны сахәаԥшуам", - ҳәа азгәеиҭеит Аблоҭиа.

Хагәышь: ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ицәажәарцаз, аинформациа роуроуп аԥсышәала

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0