Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиба еиҭеиҳәеит Абраскьыл иҳаԥы аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу

© Foto / предоставлено Астамуром АдлейбаАсҭамыр Адлеиба
Асҭамыр Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Уатаԥ ақыҭан иҟоу Абраскьыл иҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит иааиуа акурортә аамҭа рыҽшазыҟарҵо.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Адлеиба Абраскьыл иҳаԥазы

"Сара сзы зегь реиҳа ихадоу ацқьароуп, аҳаԥы акәша-мыкәша зегь цқьазароуп. Иахәҭам акгьы ыҟамзароуп. Ашәаԥыџьаԥ ааигәа-сигәа игылоу аԥҟаразы азин ыҟам, иҩоу амахәҭақәа рыда, абри алоуп раԥхьа ҳусурақәа ҳашрылаго. Жәаҩык рҟынӡа аусуҩцәа сымоуп, доусы иџьабаа анадиҵалак, аҭыԥ иаҳагьы хылаԥшра аиуеит. Акрыфараҭақәа ракәзар, хаз ҷыдала ахылаԥшра раҳҭоит. Ақыҭаҿы анхацәа иаадрыхаз алоуп ҳасасцәа пату зларықәаҳҵо. Ирҿаҳҵо ҳхатә аарых ауп. Аҳаԥахьы иааиуа ҳмилаҭтә чыс ала дхаҳхыр ҳҭахуп, уи ауп аԥхьа ирыдаҳгало, ахәгьы ырмыцхәымкәа. Иаабоит уи акырӡа шаҵанакуа. Иҟоуп аурыс чысгьы иазҵаауа, сынтәа сгәы иҭоуп акрыфартақәа рҿы уи алагалара", - азгәеиҭеит Адлеиба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0