Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәба: сусумҭақәа реиҳарак сыԥсадгьыл иазкуп

© SputnikАсахьаҭыхҩы Заур Мықәба
Асахьаҭыхҩы Заур Мықәба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Заур Мықәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит дшыхәыҷыз иалиххьан ҳәа аԥхьаҟа ихы ззикуаз аус. Лаҵарамза 2, Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рцәыргақәҵа, мышқәак раԥхьа Заур Мықәба 75 шықәса ихыҵит.
Мықәба: сусумҭақәа реиҳарак сыԥсадгьыл иазкуп

"Ашкол санҭала нахыс асахьа ҭысхуан, иӡбаны исыман уи схы азыскуеит ҳәа. Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ ашьҭахь арра сцеит, анаҩс Харьковтәи асахьаҭыхра-ааглыхратә институт сҭалеит, аҩнқәа рыҩныҵаҟа архиара иазкын сызҭалаз афакультет. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны сҵара ашьҭахь асахьҭыхыҩ хадас аус зуан, иахьагьы изуеит. Еиҳарак снапы злаку аҿыхынҵеи аграфикеи роуп. Асахьаҭыхҩы аӡәгьы даниԥырхагам, дызҿу аус иаҳа игәаҿы инеиуеит. Атемақәа рацәоуп, аха сара Аԥсны сиит, сыԥсадгьыл сгәы азыбылуеит, иҟасҵогьы сыԥсабара иазкызар сҭахуп", - иҳәеит Мықәба.

Заур Мықәба Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакаауа ацәыргақәҵақәа акыр ихы рылаирхәхьеит. Иусумҭақәа иреиуоп "Адольменқәа", "Ажьи", "Кьараз", "Аҟәа акәша-мыкәша", амҳаџьырра атемала аграфикатә усумҭақәа, апеизажқәа "Сқыҭа", "Аӡиа Риҵа", "Ашьха қыҭа", уҳәа.

Заур Мықәба иусумҭақәа ыҟоуп Аҳәынҭқарратә амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аҟны, убасгьы ахатә коллекциақәа Америкатәи аштатқәа, Германиа, Шьамтәыла, СНГ атәылақәа рҟны.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0