Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Касланӡиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахадарахь инеиуа рзы аԥышәара шымҩаԥгахо

© SputnikАлексей Касландзия
Алексей Касландзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ахадарахь инеиуа аҳәынҭқарратә бызшәа ахьынӡа идыруа аилкааразы иаԥҵоу алингвистикатә комиссиа аиҳабы Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла ахадас зкандидатура ықәзыргыло рзы аԥсшәазы аԥышәара шымҩаԥгахо.

 

Касланӡиа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахадарахь инеиуа рзы аԥышәара шымҩаԥгахо

"Ҽыԥсахра дук иалагалоу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Аԥышәара аҽны жәохә-жәаф шәҟәы ҳаманы ҳнеиуеит, сааҭк шагу зегьы ҳааидтәалан инақәырԥшны убарҭ ашәҟәы рҟынтә иарбан тексту аус здырулаша азгәаҳҭоит. Дара анааилак рҿаԥхьа ашәҟәқәа иқәу рҟынтә акы аашьҭыхны, адаҟьа аартны дзыԥхьаша иҳарбоит. Аҩра ишыҟац еиԥш иаанхоит. Анаҩс зых иақәиҭу атемала аиҿцәажәара ҟалоит абас еиԥш: агазеҭқәа рацәаны иаагоит, уа аполитика, аекономика атемала ҳалацәажәартә еиԥш атекстқәа алаҳкаауеит. Уигьы заа иазгәаҭахом, аҽны аҭыԥан иалаҳкаауа акәзаауеит. Сара исыздырӡом атекстқәа, иара алингвистикатә акомиссиа алахәылацәагьы ирыздырӡом, атекстқәа иара аԥышәара аҽны ауп ианеилкаахо", - ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа. 

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса ԥхынгәы 21 рзы.

Алхратә комиссиа хада акандидатцәа рықәыргыларазы адокументқәа рыдкылара иалагоит лаҵара 22 рзы.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0