Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: "ари ашкол еиӷьуп!", "ари арҵаҩы лоуп исҭаху!" азҵаара аӡбара ҳаҿуп

© SputnikАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит класск ахь хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа рахыԥхьаӡалара ишаҿагылоу атәы.
Какоба: "ари ашкол еиӷьуп!", "ари арҵаҩы лоуп исҭаху!" азҵаара аӡбара ҳаҿуп

"Аҭаацәа ашәҟәы иахьҭагылоу, изҵазкуа ашколқәа рахь рхәыҷқәа рышьҭлароуп, аха ҳҭаацәа убас иҟоуп абри ашкол еиӷьуп ҳәа мамзаргьы рҵаҩык иалкаааны ирымоу лахь рхәыҷқәа рышьҭуеит. Ҳара аԥсыхәа ахьынӡамоу, аҭаацәагьы еилкааны, аҭагылазаашьа еицәаҳтәыр ҳҭахым. Иахьа иҟам класск 25-ҩык ахәыҷқәа ахьтәоу. Уи зыхҟьоу иахьа аԥсуа школқәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу, иахьазымхоу ауп. Ԥшьышықәса раахыс зҵаараны иқәыргыланы исымоуп, аха макьана иӡбамкәа иаанхоит Аҟәа аԥсыуа школк иадымхаргьы еиҭа аартра. Иахьа аԥсуа школқәа иҭәцәоуп ҳәа ҳҳәар уи акгьы ҳамҳәеит ауп. Аклассқәа рҿы ҩынтәны еиҳаны ахәыҷқәа тәоуп, ари иара аҵаратә процесс иаԥырхагоуп. Аихшара уалагар, аҭаацәа еицҿакны аҵара министррахь иаауеит, еиҳау аусбарҭақәа рахь ицоит. Уи ауадаҩра маҷ-маҷ аӡбара ҳаҿуп. Иаҭаху рхаҭабзиара ҳаманы ашколқәа рыҟазаара ауп, арҵаҩцәа ракәзар, урҭ ашьахәқәа ҳамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0