Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа иҳәеит амармалташьтә пты ықәызго ахәшә ауаҩы иԥырхагамхарц иаҭаху

© Sputnik / Томас ТхайцукИура Кәарцхьиа
Иура Кәарцхьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоута араион акыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты иаҿагыланы ақәԥаразы иазгәаҭоу аусқәа ртәы.

Амармалташьтә птқәа  уажәааны  аҩнқәа, ахыбрақәа ирдәылҵны ауҭратых, ашәыр уҳәа рышҳам рылаҵо идәықәлеит. Урҭ напыла рыҟәшәара азхом,  хәшәыла иқәгатәуп. Ахәшәкәа рықәҭәаразы  иманшәалоу аамҭоуп ақәа анамуа ашьыжь нас ахәылбыҽха, ашоура анӷьеҩу ахәшәтәра мчы аиуам. Гәдоуҭа араион аҿы Краснодартәи аспециалистцәа араион ахаҭарнакцәа рыцны акыҭақәа ирҭааны ахәышәтәышьа еиҳа ишиашоу атәы рзеиҭарҳәон, иддырбон.

Кәарацхьиа иҳәеит амармалташьтә пты ықәызго ахәшә ауаҩы иԥырхагамхарц иаҭаху

"Амушмула, ашымҳа, аца, амжәа уҳәа ашәырқәа рахь еихеит аптқәа. Аҽазыҟаҵара иаҿуп аҵаразы, рашәарамзазы апт ҿыцқәа хыҵны идәықәлоит. Сынтәа амармалташьтә пты азҵааразы 5-6–нтә ақыҭа ахадацәа еизганы, имҩаԥаагаша аусура ҳалацәажәахьеит араион ахадараҟны. Иахьазы 600 литра ахәшә ҳауит араион аҟны. Амҽхак гектарла иугозар, ирацәаны иаҵанакыр алшоит, аха аҵлақәа рҟны ирацәаны ицоит. Ауҭраҭых акәзар, макьана ҳакьысуам. Иахьазы ахәшәтәрақәа актәи рыхәҭа иазхаша ахәшә ҳамоуп. Иара убасгьы ҵыԥх иацәынхаз шә-литрак рҟынӡа ҳаман. Ахәшәқәа ақыҭақәа рхадацәа ираҳҭеит. Анхацәа ахәшә зҭаху, ақыҭа ахадара иадҵаалар, ирырҭоит. Убасгьы араион ахадараҟны ақытанхамҩа аусбарҭа ыҟоуп, уаагьы иадҵаалар, ироуеит", - абас адырра ҟаиҵеит Қәарцхьиа.

Иара иазгәеиҭеит досу ибаҳча ихала ихәшәтәыроуп ҳәа. Анхацәа хаз аусуцәа ргәыԥқәа аԥара рзыршәартә еиԥш аҭагылазаашьа рымам, ус еиԥш алшара рымам араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аҟынгьы.

Кәарцхьиа убасгьы еиҭеиҳәеит ахәшәқәа мыцхәы рықәҭәара шыҟамло, насгьы изқәырҭәаз ашәырқәа ҩы-мчыбжьа рыфара шыҟамло.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0