Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аветеринар Шамба: аӡиақәеи аӡмыжьқәеи ирҭоу аԥсыӡ ауаҩы игәабзиаразы ишәарҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Шамба
Вадим Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветеринар Вадим Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит иарбан аԥсыӡ хкқәоу зегь реиҳа ашәарҭара зцу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шамба аԥсыӡ иазкны

"Аԥсыӡ иахьуа ачымазарақәа рацәоуп, ахьҭа, мамзаргьы аԥхарра зегь ашьӡом. Зегь реиҳа ишәарҭоу аԥсыӡ аӡмыжь аҿы иҭоу ауп. Имҩасуа аӡқәа рҿы иҭоу аԥсызқәа ачымазарақәа маҷны ирымоуп. Аӡиақәеи аӡмыжьқәа рҿы иҭоу аԥсыӡқәа ацәымқәа иаҳа ирацәаны ирымоуп, дара зфаз ауаҩы дычмазаҩхар алшоит. Аԥсабараҿы зыԥсы зшьо, ус еиԥш аԥсыӡ зкыз ауаҩы ибзианы иӡыроуп, аха зегь реиҳа ииашахоит аԥсыӡ алабораториаҿы игәеиҭар", - азгәеиҭеит Шамба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0