Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьалаӷониаԥҳа еиҭалҳәеит афестиваль "Аӡыхь" аҿы аӡбаҩцәа злахырхыз

© Sputnik / Томас ТхайцукҬамила Џьалаӷониаԥҳа
Ҭамила Џьалаӷониаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы хореографитә студиа "Уарада" афестиваль "Аӡыхь" аҿы агран-при иаԥсахеит. Уи анапхгаҩы Ҭамила Џьалаӷониаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иарбан кәашарақәоу афестиваль иаздырхиаз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьалаӷониаԥҳа астудиа "Уарада" иазкны

"Ҳкәашон ҩ-кәашарак: аԥсуа кәашареи аԥсуа ажәытә жәлар рыкәашареи. Дара аиԥшымзаара рымоуп, уи рбар рылшон афестиваль ахәаԥшцәа. Астудиаҿы иҳамоу ахәыҷқәа рықәра ԥшьышықәса инаркны жәаба рҟынӡа инаӡоит. Ԥшьышықәса зхыҵуаны акәашара зылшо - уи аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа роуп, ҳажәа иазыӡырҩуеит, иагьынарыгӡоит. Ахәыҷы аҟыбаҩ иламзар, аус ицура цәгьоуп. Аиҳабацәа урацәҳар рҭахым, иакәым уҳәар, игәаауеит. Ҳаргьы аҽазыҟаҵарақәа усурак еиԥш ирыдыркыларц раҳҳәоит. Убас ҳааиуеит", - азгәалҭеит Џьалаӷониаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0