Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инџьгьиа еиҭеиҳәеит Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш азы минуҭктәи аҿымҭра шеиҿкаахо

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьамбул Инџьгьиа
Џьамбул Инџьгьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсадгьыл ахь архынҳəразы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш азы минуҭктәи аҿымҭра Аԥсныи, Ҭырқәтәылеи, Нхыҵ Кавкази аамҭаказы ишымҩаԥгахо.

Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

Хра злоу ахҭысқәа: Инџьгьиа Амҳаџьыраа ргәалашәара амш иазкны

"Асааҭ ааба рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа, иара убасгьы Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла минуҭктәи аҿымҭра аҟаҵара - ари еицаҳзеиԥшны ҳаидызкыло ак акәны иҟаларц ҳҭахуп. Ас еиԥш раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагоит, уаанӡа абас амҽхак ҭбааны Амҳаџьырқәа ргәалашәра амш азы иҟамлацызт, ауадаҩрақәа цәырнагар алшоит. Амҩа иану, аԥсҟы зку, ҳамҭакы дааҭгыланы, акциа ихы алаирхәыр ҳҭахуп. Дарбанзаалакгьы ари арыцхә ихарҵәаз ргәалашәра иазкны илшап минуҭктәи аҿымҭрала амҩаԥгара. Дахьыҟазаалакгьы, ари Аԥсны ахы аҵыхәа зегьы ирылаҳәоуп", - азгәеиҭеит Инџьгьиа.

Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит Аҟәа>>

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0