Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: лассы-ласс дугәаламшәар залшом

© SputnikКристиан Бжьаниа
Кристиан Бжьаниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҳабыратә информациеи амассатә коммуникациақәеи русбарҭа ԥасатәи ахада Кристиан Бжьаниа арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29, 2011 шықәсазы.

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изкны

"Сергеи Уасил-иԥа иеиԥш ауаҩы лассы-ласс дугәаламшәар залшом. Насгьы ҳазҭагылоу аамҭазы убас еиԥш ахҭысқәа ҟалалоит, иара ианиаамҭаз ишыҟаз угәалазыршәо. Аҩнуҵҟатәи ҳҭагылазаашьа, ауадаҩрақәа ртәы ҳҳәозар - усҟангьы имариамызт иахьеиԥш. Амала иара урҭ ирзыҟазаашьеи уажәтәи азнеишьеи узеидкылом. Лассы-ласс иусушьа сгәалашәоит, ауаа дшырзыҟаз. Иара мышкы иԥсы ишьомызт, ҳцалон Нхыҵ-Кавказ, Урыстәыла. Есымша уск инапы алакын", - иҳәеит Бжьаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0