Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Делԥҳа еиҭалҳәеит актәи акласс ахь ахәыҷқәа шрыдыркыло атәы

© SputnikНонна Делԥҳа
Нонна Делԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ адиректор Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит актәи акласс ахь ахәыҷқәа шрыдыркыло.
Делԥҳа еиҭалҳәеит актәи акласс ахь ахәыҷқәа шрыдыркыло атәы

"Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра адҵа инақәыршәаны актәи акласс ахь иааиуа аҵаҩцәа рышәҟәқәа лаҵарамза 23 инаркны иҳадаҳкылоит. Аҭаацәа рҵаҩык иаҳа иӡбахә бзианы ианраҳалак, иара иахь рхәыҷқәа цар рҭахуп, аха ҳара иреилҳаркаауеит ус еиԥш уадаҩра шыҟам. Ахәыҷқәа рышәҟәқәа анҳадаҳкылалак игәаҳҭоит аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи рхыԥхьаӡара, џьара еиҵаны, мамзаргьы еиҳаны иҟамлаларц. Убасгьы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа ахьынӡардыруа еилаҳкаауеит. Абызшәа ззымдыруа зегьы класск иақәымшәарц гәаҳҭоит, еихаҳшоит. Ахәыҷқәа актәи акласс ахь инеираны иҟоу нанҳәамзазы иааҳаԥхьоит, аҭаацәа алархәны аизара мҩаԥаагоит. Сынтәа аԥшьбатәи аклассқәа  ԥшьба ауҳажьит, ҽаангьы ԥшькласск харҭәаахап ҳәа сгәы иаанагоит. Зегьы иреиҳау аклассқәа рхыԥхьаӡара 32-33 ҩык рҟынӡа иҟоуп, ари мыцхәуп", - лҳәеит Делԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0