Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ристова: ашколқәа рҭагылазаашьеи аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи еидҳәалоуп

© Foto / предоставлено Ристовой ЛюдмилойЛиудмила Ристова
Лиудмила Ристова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Лиудмила Ристова арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи ашколқәа рҭагылазаашьеи еидҳәалоуп ҳәа.
Ристова: ашколқәа рҭагылазаашьеи аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи еидҳәалоуп

"Сынтәа 31–ҩык аҵаҩцәа ашкол иалгоит. Ҳаԥҳьаҟа актәи акласс ахь иааираны иҟоу рҟынтәи 99-ҩык ашәҟәы рҽанырҵахьеит. Ихарҭәааны ԥшь-класск ҟалоит. Арҵаҩцәа ракәзар, зыхьӡ рҳәахьоу, зхәыҷқәа аолимпиадақәа рҟны аԥхьахәқәа аанызкыло роуп. Арзаҳалқәа алазҵо рхыԥхьаӡара азҳаргьы ҟалоит, избанзар нанҳәамзазы иааиуагьы ҟалалоит. Акзаҵәык сзыцәшәо, арҵаҩцәа азымхар ҳәа ауп, егьыс аклассқәа, арҵага шәҟәқәа рыла ҳаиқәыршәахоит. Ҳашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргаанӡа, ҩба-ҩба класс ракәын иҟаз. Уи ашьҭахь аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит. Аҭаацәагьы ирҭахуп рхәыҷқәа аҭагылазаашьа бзиаҟны аҵара рҵаларц. Сгәаанагарала, иахьа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу ашколқәа рҭагылазаашьа еиӷьхар, уахь анеира зҭаххо акырӡа еиҳахоит", - лҳәеит Ристова.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0