Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҿы иқәгыларазы: имариамызт

© Sputnik Аинар Ҷыҭанаа
Аинар Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ ажурналистика аҟәша астудент, апоет қәыԥш Аинар Ҷыҭанаа раԥхьаӡа акәны далахәын апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа", уи дшалахәыз атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Рашәарамза 25 рзы Аԥсуа драматә театр асценаҿы имҩаԥысит "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахԥатәи ахәҭа.

Ҷыҭанаа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҿы иқәгыларазы: имариамызт

"Раԥхьаӡа акәны Аԥсуа драматә театр асценаҿы сцәырҵит. Уи аҭакԥхықәра ацын сара сзы, иагьымариамызт. Ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа мышқәак рыла аус сыциуит. Сара сактиорым, уи аԥхьагьы ус еиԥш акгьы салахәымызт аҟнытә, исзыцәгьан, ҳәарада, асценахь ацәырҵра. Актиорцәа, артистцәа рыҩаӡара абжарагьы сзымнаӡеит, уи аханатәгьы издыруан, аха иахьынӡасылшоз сықәгылеит. Гәдиса иаразнак исеиҳәеит: "Асценаҿы избарц исҭаху Аинар Ҷыҭанаа иакәӡам" ҳәа. Урҭ ажәақәа еснагь срызхәыцуан", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аинар аефир аҿы инаигӡаз ажәеинраала шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0