Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳақьым Шьоууа изанааҭ азы: ишыҟаҵәҟьоу здыруазҭгьы, сацәшәаргьы ҟаларын ианалсхуаз

© Foto / предоставлено Гурамом ШоуаГәырам Шьоууа
Гәырам Шьоууа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьым - аԥҟаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Шьоууа иира амш азы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иахьынӡалшо уи ҭынч ихигар шиҭаху.

Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Нури–иԥа Шьоууа иахьа 60 шықәса ихыҵит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, амедицинатә маҵзура аполковник.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Афонҿыцтәи агоспиталь аҟны аҳақьым-аԥҟаҩыс аус иуан, Гәымсҭатәи афронт амедицина-санитартә баталион адҵаҟаҵаҩс дыҟан. Далахәын Ианартәи, Марттәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа, днаӡеит Егры аӡиас аҟынӡа.

Аибашьра ашьҭахь Гәырам Шьоууа Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭа деиҳабын, 1995 шықәсазы Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟалеит. Аибашьра анаҩсгьы далахәын Лаҭа иара убас Гал араион аҟны имҩаԥысуаз аоперациақәа.

Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҳақьым Гәырам Шьоууа

"Аиубилеи ҳәа ус акгьы ҟасҵом, аха аҩызцәа, ақәлацәа исыдырныҳәолазар акәхап. Дара ирҳәогьы здыргәышьоит, ихәмаррахоит, лахҿыхрахоит. Сиира амш азы аус зуеит, ҳаԥхьаҟа аамҭа ишьҭоу аԥсшьарагьы ҳахьӡап", - иҳәеит Шьоууа.

Иара еиҭеиҳәеит аҳақьым изанааҭ ахь ихы ирхо дшалагаз аабатәи акласс аҟны дантәаз.

"Ишысҭахыз сцеит ари азанааҭ ахь, сҩашьаны акәӡам. Амала идырҵәҟьаны усҟан еилыскаауазҭгьы иацу ауадаҩрақәа срыцәшәаргьы ҟаларын", - иҳәеит аиубилиар.

Шьоууа аибашьраан зегь раасҭа иуадаҩыз ҳәа иаликааит ахәцәа рыцхраараан иҟаз амчымхара шакәыз.

"Убри даара игәнызгоит, есымшагьы сазхәыцуеит исылымшеи, иҟасымҵеи, сызхьымӡеи ҳәа. Уи сымацара сакәӡам, абаталион иалаз, агоспиталь аҟны иҟаз аӡӷабцәа аҳақьымцәагьы. Зны-зынла ҳанеидтәалало, убри аӡбахә есымша ишьҭаҳхуеит", - иҳәеит Шьоууа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа  шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0