Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ешба: ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа Аԥсны ршьапы ианықәдыргыл, рылаӷырӡ аара иалагеит

© SputnikШамиль Эшба
Шамиль Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны рыԥсшьараамҭа рхыргоит Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа. Урҭ напхгаҩыс ирыцу, Сҭампыл иҟоу аԥсуа культуратә хеидкыла аиҳабы Шамиль Ешба арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ахәыҷқәа рџьынџь-ԥсадгьыл агәыбылра шыркыз атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Ешба Ҭырқәтәылантәи ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсшьара иазкны

"Ахәыҷқәа Аԥсны ршьапы ианықәдыргыл рылаӷырӡ аара иалагеит. "Аԥсны ҳааит!" ҳәа рҳәон, ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Ҳаԥсадгьыл абираҟ ршәшәо, "ҳааит" ҳәа ҭелла рҭаацәа ирацәажәон. Дара ирарҳәон "шәаргьы шәаароуп, Аԥсны бзиоуп" ҳәа. Ахәыҷқәа рыԥсадгьыл агәыбылра ркит", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.  

Шамиль еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа Аԥсны иҟанаҵы изҭаахьоу аҭыԥқәа шрыдыркылаз атәы. 

"Актәи амш азы Владислав Арӡынба ибаҟаҿы ҳаҟан, иара убас Афон ҿыцтәи аҳаԥы, ахәыҷқәа абжьы аҩныҩшьа џьаршьеит, ишәаҳәеит, икәашеит. Аиашазы, иҭыҵырц рҭахымызт. Еиҭа Мықәашҭа, Оҭаԥ аҳаԥы уҳәа аамҭа ҳаманаҵы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа ҳрылсырц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0