Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа аҵиаақәа ԥырхага рызҭо аԥарԥалыкь иазкны: макьаназ аԥхасҭа ду ҳанамҭацт

© Фото : предоставлено Эдуардом БарганджияЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ԥырхага рызҭо аԥарԥалыкь аҿагыларазы араионқәа рҿы аусурақәа шеиҿкаау атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.
Барганџьиа аҵиаақәа ԥырхага рызҭо аԥарԥалыкь иазкны: макьаназ аԥхасҭа ду ҳанамҭацт

"Аԥарԥалыкь хышә ҵиаа рҟынӡа ԥырхага рынаҭоит, аха Аԥсны иара ирацәаны иҿианы иҟоуп ҳәа макьана иҳазҳәом. Ахәаҷамаҷа Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Аҟәеи, Очамчыреи, рраионқәа рҿы иҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа рҿы аҵиаақәа рыхәшәтәра нап аркуп. Ахәшәқәа рзы акәзар, макьана еиҵахара ыҟам, аха аусурақәа рымҩаԥгразы ауадаҩрақәа цәырҵуеит, араҟа ацхыраара ҟарҵароуп араионтә усбарҭақәа. Ахәшәтәра мҩаԥыргоит аԥырԥалыкь еиҳарак ԥырхага ахьыҟанаҵаз аҭыԥқәа рҿы. Ҵлак аҿы иҟазар, уи хҵәаны ибылтәуп. Сынтәа аԥхынра ԥхарран аҟнытә, ари аҳауатә ҭагылазаашьа иара зырҿиоу акәны иҟоуп", – ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0