Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Анқәабԥҳа илҳәеит Босфортәи ауниверситет аҿы аԥсшәа шырҵауа милаҭла еиуеиԥшым астудентцәа

© Foto / предоставлено Гундой АнквабГунда Анкваб
Гунда Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа бызшәа арҵаҩы Гәында Анқәабԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Босфортәи ауниверситет аҿы аԥсшәа дырҵара ишалагаз атәы.
Анқәабԥҳа Босфортәи ауниверситет аҿы аԥсшәа дырҵаразы: милаҭла еиуеиԥшым астудентцәа ыҟоуп

"2012 шықәса рзы Босфортәи ауниверситет аҿы аусура салагеит, схала еиҿыскааз апрограммала. Ус ауниверситет аҿы ашәҟәгьы ҭыҵит абызшәа дырҵаразы. Есышықәса астудентцәа рхыԥхьаӡара аҽаԥсахуеит. Сынтәа актәи агәыԥ аҿы иҟан ԥшьҩык, аҩбатәи аҿы - хҩык. Ҩыџьагьы аныҟоу убап. Уажәы исымаз актәи акурс аҿы 17-ҩык аҵара дсырҵон, дара зегьы милаҭла еиуеиԥшым", – ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.   

Гәында Анқәабԥҳа шьҭа ҩажәа шықәса ҵуеит Ҭырқәтәыла дынхоижьҭеи. Уа абызшәа дырҵара дшалагаз аус лгәаларшәауа илҳәоит, иалкаан арҵага шәҟәқәеи апрограммеи шрымамыз.

"Схала абызшәа ахьаҭаху аҭыԥқәа рҿы снеины аԥсшәа дсырҵон, уи аамҭаз хҩык ракәын Аԥснынтә ара иааны аԥсшәа дзырҵоз. Ҳхала ҳгәыбылра адҵаны, акәын аусура ҳшаҿыз. Шьҭа ҩажәа шықәса ҵуеит ара сынхоижьҭеи, урҭ рахьынтә жәаа шықәса аԥсшәа дсырҵоит. Аԥхьа ҳаналагоз ашәҟәгьы ҳамамызт, ҳаиқәшәамызт", - ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0