Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа араса аҽаҩразы: аџьабаа адызбалаз алҵшәа инаҭароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кәарҷиа
Абессалом Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаплакы "Араса" аиҳабы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит сынтәа араса аҽаҩра бзиа ҟалар шалшо.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа араса иазкны

"Араса ахәшәтәра асааҭ жәба рзы уаха ҳалагон, ашьыжь асааҭ быжьба рҟынӡа аус ҳуан. Абас мацара иаҳхәышәтәит ашоурақәа аныҟаз. Алҵшәа ҟалап ҳәа макьана агәра згаӡом, ҵыԥх иаҳхаҳгаз ашьҭахь. Ҳахьахәаԥшуа аџьабаа адызбалаз, изхәышәтәыз, алҵшәа инаҭароуп. Аԥсабарагьы хәыҷык иҳацхрааит, аптгьы маҷхеит. Аха макьана апты ҳаиааит ҳәа ҳҳәартә еиԥш ҳхы ҳамжьароуп. Уи еиҭа ицәырҵуеит. Сынтәа ԥшьынтә арасаҭрақәа ҳхәышәтәит, уаҳа иагьҳалшом, шьҭа араса агәы ҭәуеит, ахәшәгьы ҟауҵар ауӡом. Избанзар, ахәшә анақәуҭәалак ашьҭахь хымчыбжьа раҟара иуфар ҟалаӡом, арыц ахәшә аднакылоит. Аплантациақәа рҿы иҳамоуп 120 нызықь шьапы инеиҳаны, гектарк аҟнытә 2 тоннаки бжаки ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит. Шьапык аҿы иҿухуазароуп хәкьылак еиҵамкәа, уи ицәырҳәны. Ацәа шахоу шә-кьылак ҿухыр, 40 кьыла роуп иаанхо, уи ԥҽны агәы агәылухыр, уа иаанхоит 16 кьыла", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.          

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0