Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵурҵумиа "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа" агаразы аицлабразы: даара ҳҽазыҟаҳҵон

Иракли Ҵурҵумиа
Иракли Ҵурҵумиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа" агаразы Афон имҩаԥысраны иҟоу аицлабра ишазыхиоу.
Ҵурҵумиа "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа" агаразы аицлабразы: даара ҳҽазыҟаҳҵон

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа" агаразы атурнир раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. 12 инареиҳаны қәгылара ҟалараны иҟоуп, уи рхы аладырхәыроуп аԥснытәи апрофессионалтә бокс азы аспортсменцәа. Естониа, Белорусиа, Таджикистан, Узбекистан, Камерун, Морокко, Бырзентәыла уҳәа аҳәынҭқаррақәа рҟынтә аспортсменцәа аараны иҟоуп. Аԥсуа боксиорцәа ракәзар ари аицлабра даара рҽазыҟарҵон, аамҭаказы Ауадҳарагьы имҩаԥыргон аҽазыҟаҵарақәа", - азгәеиҭеит Ҵурҵумиа.

Ԥхынгәы 13 Афон ҿыц имҩаԥысраны иҟоуп абокс азы атурнир "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахраҿа".         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0