Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәааԥҳа ансамбль "Адац" азы: иааӡахьоу ахәыҷқәа рацәоуп

© Foto / Нателла БигваваНателла Бигвава
Нателла Бигвава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" асахьаркыратә напхгаҩы ицхырааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Наҭелла Бигәааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ансамбль аиубилеи шазгәарҭо.
Бигәааԥҳа ансамбль "Адац" азы: иааӡахьоу ахәыҷқәа рацәоуп

Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" иахьа 30 шықәса ахыҵит.

Акәашаратә ансамбль "Адац" афестиваль аҿы аиааира агеит 

Ансамбль аиубилеи азгәаҭаразы Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны иахьа имҩаԥысуа аконцерт иалахәуп Белоруссиа, Ҟабарда- Балкариа, Ингәыштәыла уҳәа рҟынтәи ахәыҷтәы ансамбльқәа ҳәа адырра ҟалҵеит "Адац" асахьаркыратә напхгаҩы ицхырааҩ Наҭелла Бигәааԥҳа.

"Ансамбль "Адац" ахыҵхырҭаҟны игылан Уасил Арухаа, Ирина Цаткина, Руслан Дбар. Иахьа, Руслан напхгара азиуеит, Уасил Арухаа иҷкәыни иареи аус еицыруеит. Ахәыҷқәа рааӡара аџьабаа ацуп. Ансамбль аҟынтәи аиҳабацәа анцалак, ахәыҷқәа ааиуеит. Урҭ рхыԥхьаӡара 70-80-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҿыц шьаҿа-шьаҿала акәашашьа ддырҵоит. Асценаҟны иахьа иқәгыло акәашацәа рхыԥхьаӡара 33-ҩык ыҟоуп. Ансамбль иалоу гәыԥла ишоуп", - лҳәеит Бигәааԥҳа.

Бигәааԥҳа "Адац" ақәгылара иазкны: ҳхәыҷқәа асцена дырхыџхыџыит

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0