Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба: ауаҩы дшыхәыҷу инапы злаку бзиоуп ҳәа аниарҳәалак, иус иациҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхҩы, акерамика аус адулаҩ Аслан Нанба
Асахьаҭыхҩы, акерамика аус адулаҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы, акерамика аус адулаҩ Аслан Нанба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ихәыҷаахыс анаплыхқәа рыҟаҵара дшазҿлымҳаз. Ԥхынгәы 28 рзы акерамист 60 шықәса ихыҵит, уи инадҳәалан Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иусумҭақәа ӡыргахоит.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Нанба инапы злаку аҟазара иазкны

"Ашкол санҭаз амҿлыхқәа аҩнқәа ирықәырҵон, аҟаур ҳәа. Убарҭ аҭӡамцқәа иркыдысҵон, асабрадақәа ҟасҵон. Нас ашкол амузеи аҿы инеиуаз иддырбон. Убри аинтерес скит. Ауаҩы дшыхәыҷу иҟаиҵо бзиоуп ҳәа аниарҳәалак, агәыбылра ианыидырлак, иациҵоит. Исгәалашәоит сашьа саб ишиеиҳәаз зны: "Абри еснагь Нарҭ Цәыцә еиԥш акы ицәуеит, Аҟәа асахьаҭыхратә ҵараиурҭахь дҳашьҭып" ҳәа. Бармышь анҭыҵ џьаргьы сымцацызт, асахьаҭыхыҩцәагьы аӡәгьы дсыздыруамызт, акарандашь акышьагьы ҽеишәа исыздыруамызт, аха ибзианы салгеит. Ҳарҵаҩы Донченко ҳицирхраан анышәаԥшь ахьаҳӡыша ҟаҳҵеит. Иаҳбеит анышә шхаҳәхоз. Ауаҩы ҳамҭас иуҭар ҟалоит, иуҭиир алшоит ҳәа сазҿлымҳахеит. Убасҟан убри сымбазҭгьы, ссахьаҭыхыҩны сҟамлар ауан. Ҽнак-ҩымш рыла избаз аинтерес снаркит. Аԥсныҟа иаауа асасцәа сусумҭақәа ирыҿцаауеит. Зны аӡәы исеиҳәеит Аԥсныҟа данаауа аԥсуара, аԥсуа цәаҩы зныԥшуа ибар шиҭаху. Уи излалшо иасырбар сҭахуп, ссахьагьы асырбалоит сусумҭақәа рҟны", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Иахьа асааҭ 14 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны асахьаҭыхҩы Аслан Нанба хаҭалатәи ицәыргақәҵаҟны иусумҭақәа ӡыргахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0