"Ахсаала аиқәыршәараҿы хадара злоу аҭыԥхьыӡқәа роуп. Сара ашьха аҭыԥхьыӡқәа реиқәыршәара саҿын. Еизызгаз ала ахсаала еиқәҳаршәеит. Леуард Барцыц ахьыӡқәа иахьахәҭаз иԥшааны иргылон. Ақырҭцәа усҟан ашьхақәа рахь изымхалацызт аҟнытә ахьыӡқәа еиҭакны иҟамызт, аха уахь аус ӷәӷәаны зуз аҟарачқәа роуп. Ус еиԥш иҟаз ахҭысқәа зегьы еилыргатәын. Владислав Арӡынба ихшыҩ ҳалаҵаны ишьақәҳаргылеит ахсаала, нас Саратов иаагеит акьыԥхьраз. 1997 шықәса рзы 5 нызықь цыра аԥсышәалагьы урысшәалагьы ахсаала ҭыжьын. Уаанӡа аԥсышәала иҭыҵхьан, аха иагқәаз ирацәан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гыцба.
Аҵарауаҩ иажәақәа рыла иара ишьақәыиргылаз ахьыӡқәа иреиоуп Гәандра, Ԥсырӡха. Мзиули ԥсахын Мамзышьха ҳәа, Рисхва-Риҵа ҳәа, ари иучҳауа иҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Гыцба аиҿцәажәараҿы
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи зным ахсаалақәа рзы ашьаус аларгалоит Қырҭтәыла
"Аԥсуа идоуҳатә ԥсҭазарааҿы аԥҳәыс лроль даара иҳаракын, аамсҭашәара аҵан, ауаҩра ацын. Уи ҳлитературагьы, ҳфольклоргьы, ҳҟазарагьы иӷәӷәаны ирныԥшит. Иахьагьы, аԥсуа ԥҳәыс ауаажәларратә ԥсҭазаара дыӷәӷәаны далагылоуп, уи ус машәыршәа иҟамлеит. Аԥсуа ԥҳәыс дҳаразкуа лҟазшьақәа ируакын лыԥшӡара, лыхшыҩ аҵарра, лҟәыӷара. Уи шьақәзырӷәӷәо аҿырԥштәқәа рацәаны иҟоуп ҳҭоурых аҿы", - иҳәеит апоет.
Аԥҳәыси ахаҵеи реизыҟазаашьа атәы далацәажәауа Занҭариа иазгәеиҭеит, уи аҭҵаамҭақәа рзукыр шыҟало.
"Аԥҳәыс лҭеиҭыԥши лыҩныҵҟатәи лбеиареи реинраалара ауп еиҳарак ахаҵа дхызхуа. Зны-зынла дыссирны, дышәҭыкакаҷны дыҟаӡам, аха дыгәнаалоуп, акалашәа ухылхуеит, акалашәа улаԥш дыҵашәоит", - иҳәеит Занҭариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Хә-ҟазшьак аазырԥшуа: аԥҳәыс лроль аԥсуаа ртрадициатә культураҿы
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны
"Ҳаклуб иамоуп алшарақәа иҟоу аԥкрақәа инарықәыршәаны аусура. Арахь иааиуа рхыԥхьаӡара рацәоуп, Аԥсны инхо реиԥш, иара убас ҳаклуб акыр азҿлымҳара амоуп аԥсшьаҩцәа рыҩныҵҟагьы. Аӡыргара ыҟоуп атәыла анҭыҵгьы. Аимадарақәа ҳамоуп аԥсшьара еиҿызкаауа аекскурсиатә фирмақәеи ҳареи, убри аҟнытә иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы маҷӡам. Аӡынтәи аамҭаз аклуб аҭааҩцәа маҷхеит, аха зынӡа усурада ҳаанхаӡом. Арахь иааиуеит "ахысыҩцәа" еиуеиԥшым акатегориала, иҟоуп абџьар ибзианы зхы иазырхо реиԥш, раԥхьаӡа акәны знапаҟны изкуагьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны АШәМ аиҳабыра амедицинатә гәаҭара дахысырц аҳақьымцәа изынарышьҭит Ахра Аҩӡба, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.
Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, уи аахыижьҭеи акрыфареи акрыжәреи мап рцәикит. Хәажәкыра 8 аҽны, асааҭ 13:30 рзы Ахра Аҩӡба иԥҳәыс Иулиа Аҩӡба аҳәамҭа ҟалҵеит аҳақьымцәа иара иахь инарышьҭуам ҳәа. Иара убас илҳәеит, аӡбаҩцәа ирыҭан 2015 шықәсазы Аҩӡба ахәра ӷәӷәа шиоуз атәы шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, уи инақәыршәаны иара иԥсы ахьынӡаҭоу акәармалашьҭыга (капельница-аред.) изыҟаҵалатәуп. Ихәышәтәразы ахәшәқәа аахәоуп, аҳақьымцәа арыҭара ҳазыхиоуп ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны АШәМ аиҳабыраҟны ари аҳәамҭа ҵаҵӷәыдоуп рҳәеит.
"Иацы Ахра Аҩӡба идукат азин лыҭан аҳақьымцәа аалгарц, аха аӡәгьы дмааит. Ааԥхьара раҳҭеит ҳара ҳҳақьымцәа, дара агәаҭарақәа ирҿуп", - иҳәеит Роберт Киут асааҭ 14:00 рзы.
Аамҭақәак рышьҭахь Ахра Аҩӡба иуацәа руаӡәк ишьақәирӷәӷәеит аҳақьымцәа дышгәарҭаз азы.
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны ААР АШәМ аусзуҩцәа иҩны аҩныҵҟа аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, иаадырԥшит абџьари аџьаԥҳани.
Ахра Аҩӡба дзыхьчоз Галеха Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа рганахьала аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа- мызкы ҭакрала ирхыргарц.