Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смыр: ауаҩы аџьабаа баны ашьха ақәцәан даннеиуа, ибла иабо иааԥсара иханаршҭуеит

© SputnikФат Смыр
Фат Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа ааба рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи альпинизм амш. Аиқәырхаҩ, альпинист, аспелеолог Фат Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит альпинизм иара изы ҵакыс иамоуи, насгьы ацаҟьа аҿалараан изцәырҵуа ашәара дшаиааиуеи ртәы.
Смыр: ауаҩы аџьабаа баны ашьха ақәцәан даннеиуа, иибо зегьы иханаршҭуеит

"Ашьха ԥыҭк сцахьеит, аҵаҟьақәа ҳарҿалахьеит, аҳаԥқәагьы ҳарҭалахьеит, аха знык ашьха ԥсшьара сцандаз ҳәа сҟамлацт. Урыстәылантә альпинистә агәыԥқәа анаауаз ҳрыцны ҳцон ашьха, ҳреицәамхандаз ҳәа ҳрыцхалон, ус ауп ҳшалагаз. Ауаҩы аџьабаа баны ашьха ақәцәан даннеиуа, иаԥхьа иаатуа зегьы анибалак, Аԥсны абжа инаԥсыргәыҵа ианану, иааԥсара ихашҭуеит. Ҳәарада, аҵаҟьа аҿалара еснагь ашәара ацуп, ашаха ануцраҳәоу иаҳа имаҷуп, аха  зынӡак имшәо дсымбац. Издыруеит, аӡәырҩы еицырдыруа альпинистцәа, дара зегьы ирымоуп ашәара, аха иара узыӡырҩыроуп. Ушәара уҽамҭакәа иҟауцараны иҟоу, уи ииашаны ишыҟаҵатәу уазхәыцуазароуп, ашьха уанаҿало аамҭаз. Ашәара уҽауҭар, агха ҟауҵар улшоит", – ҳәа азгәеиҭеит Смыр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0