Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Араион иаҭааз: Кәарцхьиаԥҳа Очамчыратәи араион лҭаара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа арадио аефир аҿы еиҭалҳәеит Очамчыра арион аҿы лусушьа атәы, иарбан нҵамҭақәоу акьыԥхь азырхиара даҿу.
Араион иаҭааз: Кәарцхьиаԥҳа Очамчыратәи араион лҭаара иазкны

"Ҳраионқәа аки-аки еиԥшым. Апроект анаԥаҳҵоз ҳҿаԥхьа хыдҵас иқәгылан ауааԥсыра рынхашьа рынҵышьа аилкаара. Очамчыра араион ҳныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, уажәазы иазгәаҭан х-темак: акаҭрантә зауад аусушьа, Маркәыла ицо аԥшаарақәа рыҭҵаара, Оҭаԥтәи аҳаԥы аусушьа аилкаара", - лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Атемақәа ирызку анҵамҭақәа зегьы Sputnik адаҟьаҿы иҟалоит. Ҳаԥхьаҩцәа ирылшоит иаҳбаз иҳаҳаз зегьы уаҟа ирбарц, ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.   

"Акаҭрантә зауад Очамыра аус ауеит 2009 шықәса раахыс. Аусутәгьы рацәоуп, ҳамҩақәа рҿы имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы рзы аалыҵ уахьантә ауп ишаарго. Азауад аҟны 60-ҩык инареиҳаны аус руеит, дара зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа аусуразы алшарақәа зегьы рымоуп", - азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0