Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа Америкеи Урыстәылеи реизыҟазаашьазы: ақырҭқәа ирхырҟьаны еибашьрым

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иалшоума Қырҭҭәыла аҵыхәала Урыстәылеи Америкеи аибашьра рыбжьалар, насгьы арҭ аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рзы лгәаанагара лҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Ԥлиаԥҳа Америкеи Урыстәылеи реизыҟазаашьазы: ақырҭқәа ирхырҟьаны изеибашьрым

"Америка ахада дызҭахым рацәаҩуп, аха ус унаидсыланы дгаӡоуп ҳәа аҳәара иахәҭам ҳәа исыԥхьаӡоит. Акырҭқәа рҵыхәыла америкаа неины аурыс ишимабашьуа атәы ззымдыруа длашәуп. Аха дара рыԥхыӡ ишалац иалоуп адунеи амҽхакра, дара аурысцәа ирымоу адгьылқәа амчра ираҭәам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аракета С-400 азы аурысқәеи америкааи даара еиҿанарӷәӷәаны иҟоуп, аха ақырҭқәа еиқәҳархоит ҳәа урҭ аурыс ишимабашьуа атәы дыруп. Аха америкаа ишыҟарҵалац еиԥш аурысцәа маҷк аҵәы рыҵарҵалароуп, убри азоуп абџьар аума, анаԥшыҩцәа роума, еснагь ираҳаларц рҭахуп америкаа. Ҳара ҳзы ҽеираҳәа акгьы иалаӡам аӡнырцә абџьарқәа ахьеизырго, уи еилкаауп иҿыцым, америкаа рхы иадырхәоз ауп аха уеизгьы уи ибашам усуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0