Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы лагер аиҿкааразы Чхәарҭал залхыз

© SputnikКадыр Аргәын
Кадыр Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
30-ҩык "Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы Тҟәарчал араион аҿы еиҿкаауп ахәыҷтәы лагер. Ари аҭыԥ залхыз арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Аргәын еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы лагер аиҿкааразы Чхәарҭал залхыз

"Ара ашьхақәа имарианы урызнеиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Алагер ахьыҟоу аҭыԥ маншәалоуп ацәаразы, аԥсшьаразы, аԥсабарахь ацаразы. Ара ирацәоуп аҭоурыхтә ҭыԥқәа, ахәыҷқәа ирзеиҭоуҳәар ауеит иҳамоу. Ара игылоуп аԥсуаа баа, уи VII ашәышықәса иаҵанакуеит. Аҭоурыхҭҵааҩ иҳацыз ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит уи аҭоурых, ақыҭа ахаҭа аҭоурых. Ҳахьыҟоу аҭыԥ аҟынтә ақалақьгьы ааигәоуп, џьаракы ааҟаларагьы, иаразнак ахәышәтәырҭа аҟынӡа инеиртә еиԥш алшара ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0