Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ешба Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазазы: азҵаара ган рацәала аҭҵаара иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҳабы Виачеслав Ешба
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҳабы Виачеслав Ешба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҳабы Виачеслав Ешба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Урыстәыла Аҳаиртә транспорт афедералтә агентра "Росавиация" ахаҭарнакцәеи ҳтәыла аԥызы-министр Валери Бганбеи реиԥылара ахҳәаа азыҟаиҵеит.

 

Ешба Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазазы: азҵаара ган рацәала аҭҵаара иаҿуп

"Аҳаиртә баӷәазаҿы ҳаҟан, асасцәа аҭагылазаашьа цәгьам ҳәа ахҳәаа азыҟарҵеит. Арҿыцразы аҟәрышь рацәаны иаҭахуп, аха аполитикеи аекономикеи аганахьала ибзиан аус аур шахәҭоу азы аилкаара ыҟоуп, ари аҳәынҭқарратә структуроуп. Апроект ашьақәыргылара ҩышықәса аҭахуп, ари ирлас иҟауҵар зылшо акәны иҟам. Апроблемақәас ицәырҵыр зылшои, иаҳнаҭои алҵшәақәеи уҳәа ган рацәала ари азҵаара аҭҵаара иаҿуп. Амҩа изқәу агәыӷра унаҭоит шьҭа џьара икылсып ҳәа. Ҳарҭ атехника аганахьала ҳҳаирбаӷәаза ишаҳбо ала ирыдаагалеит, иҳадгалаз апроект ҳақәшаҳаҭхеит. Аиҭашьақәыргылара ахарџь шаҟа ақәырӡхо анеилкаахалак, излаго аусурақәа ртәы ҳазхәыцуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.   

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0