Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Касланӡиаԥҳа Лондон лцара иазкны: атәым бызшәақәа рҵара шаҟа ихадоу еилыскааит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛика Касландзия
Лика Касландзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аҭоурыхтә факультет ахԥатәи акурс астудент Лика Касланӡиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит Оксфордтәи ауниверситет ахь лцара шыҟалаз, насгьы уаҟа аҵаратә процесс шымҩаԥысуаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Касланӡиаԥҳа Оксфорд лцара иазкны

"Ҳарҵаҩы аудиториа дыҩналаны Лондонҟа аҵаразы алшара шәымоуп ҳәа анҳалҳәа ихаҳамҵеит. Иаадыруан уи аус ауадаҩрақәа шацыз, аха ас еиԥш алшара ҳаҩшәар ауамызт. Раԥхьа иргыланы ҳара авиза акәын ҳзызхәыцуаз, уи анҳаулак аԥарақәа ҳрышьҭалар акәын. Оксфорд ҳара иҳаман алшара азакәанҭҵаареи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи аекономикеи рҵара. Дара ишьақәдыргылеит абри аҩыза апрограмма ашьыжь ааба инаркны жәабанӡа иҳаман еиуеиԥшым ахәмаррақәа, алекциақәа. Анаҩс еиҭа имҩаԥысуан астудентцәеи арҵаҩцәеи реиҿцәажәара. Уи нахыс ҳаргон амузеиқәа рахь, иаҳдырбеит Лондон. Сара еилыскааит атәым бызшәақәа рҵара шаҟа ихадоу, усҟан уара иоуеит алшара атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы аҵара ҵара", - ҳәа азгәалҭеит Касланӡиаԥҳа.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0