Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа "Ахра шкәакәаҿы" ихәмарразы: адәахьы санныҟәогьы, иароуп схы иҭоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Кәарҷиа
Ахра Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿартә театр актиор, амоноспектакль "Ахра шкәакәа" аҿы ароль хада аазырԥшуа Ахра Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аус здыруло ақәыргыламҭа ҿыц иҽшазыҟаиҵо атәы.

Ҷыҷыкәа Џьонуа иажәабжь иалху амоноспектакль "Ахра шкәакәа" Аҿар ртеатр аԥхьарбара мҩаԥнагоит цәыббра 16 рзы.

Кәарҷиа "Ахра шкәакәаҿы" ихәмарразы: адәахьы санныҟәогьы, иароуп схы иҭоу

"Амоноспектакль аҿы иаарԥшхоит хәҩык рхаҿсахьа. Дара зегьы еиԥшӡам - дыҟоуп зықәрахь инеихьоу ахаҵа, ақәыԥш, аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс, аҭыԥҳа, убарҭ зегьы сара аӡәзаҵәык соуп иаазырԥшуа. Дара ҟазшьалеи гәаҭалеи еиԥшӡам аҟнытә, рхаҿсахьақәа раарԥшра сылсыршароуп. Апремиера ааигәахеижьҭеи, адәахьы санныҟәогьы, иароуп схы иҭоу, сыԥхыӡқәагьы ирылоуп. Шьҭа убранӡагьы снеихьеит. Ауаа срыхәаԥшны иаазгаз ахаҿсахьақәа ыҟоуп. Даараӡа амч ду умазароуп амоноспектакль уалагарцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0