Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба: абылтәы ахаҭабзиаразы 50-60 процент рҟынӡа аилагарақәа алкаан

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит афатәи, ажәтәи иара убас абылтәи рхаҭабзиара гәазҭо алабораториақәа рус аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

Афатәи ажәтәи рхаҭабзиара шьақәзыргыло алабораториақәа рызҵаара, иара убас уаҟа аус зуа ирыдҳәалоу азҵаарақәа уҳәа рыӡбара аамҭа аҭаххеит, аҳәынҭқарра 25 миллион рҟынӡа аԥара азоунажьырц азы Афинансқәа рминистрраҟны ақьаадқәа шьҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Саманба. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла алабораториақәа ахьҭрыжьуа азауадқәа рҟны аимадарақәа рыбжьарҵахьеит.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Саманба ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиара гәазҭо алабораториақәа ирызкны

"Азауадқәа рхантәаҩцәа ҳрацәажәаны, иҳамоу акәымкәа иҳамам амыругақәа ацҵаны ашықәс нҵәаанӡа иаҳзеиҿкаар бзиан. Росстандарт аиҳаби сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп, алабораториа аҟны аус зуша араантәи ишьҭны Урыстәыла аԥышәа роурц аҟаҵара ҳгәы  иҭоуп", - иҳәеит Саманба.

Иара адырра ҟаиҵеит абылтәы гәазҭо еиҭаҵуа алабораториа аусура аҽҳәара нҵәаны ишыҟаз, аха лаҵарамзазы Москва уи амашьына ганы акредитациа азун ҳәа.

"Ҩымчыбжьа ҵуеит Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа араионқәа гәаҳҭахьеижьҭеи. Амашьына ԥшьашала хынтә иныҟәахьеит. Очамчыреи Гәылрыԥшь араионқәа рахьгьы Аекономикатә цәгьоурақәа рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа ацҵаны иҳашьҭит. Иахьазы иахьгәаҳҭақәаз 50-60 процент рҟынӡа ирҭиуа абылтәаҟны аилагарақәа ыҟоуп. 92-тәи абылтәы 95-тәи акәызшәа иахьырҭиуа ыҟоуп. Уи азы актқәа ҩҩуп, аусӡбарҭахь инаҳашьҭраны ҳаҟоуп. Уи еиҭаҵуа алабораториа даара иҳахәеит, абылтәы зҭиуагьы хәыҷык иацәшәо иалагеит. Ауаа рацәаҩны аҭел иаҳзасуеит, иҭабуп ҳәа ҳарҳәоит. Убасгьы абылтәы ахьеихыршо аҭыԥқәа гәаҳҭараны ҳаҟоуп", - иҳәеит Саманба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0